Movatterモバイル変換


[0]ホーム

URL:


Перейти к содержанию
Авикипедиа
Аԥшаара

Абаклаџьан

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Абаклаџьан

Абаклаџьа́н[1],Абаклажан (алаҭ.Solanum melongena) — захьӡу ауҭраҭых ҵиаагьы аҟәымқәа рҭаацәара иаҵанакуеит. Уи аџьынџьдгьыл ахьыҟоу Индиа ауп. Уаантәи инанагеит Китаитәылаҟа 3000 шықәса уажәы аԥхьа. Европаҟа иаанагеижьҭеи рацәак шымҵуагьы уи хархәара ӷәӷәа аиуит ажәларқәа рыфатә хкқәа рыҟаҵараҿы. Уи иҿало ашәыр ажьы таатоуп, иахоу ацәа еиҳа икьакьоуп. Ԥшшәахәыла абаклажан иҟоуп еиқәаҵәоу, иҩежьу, ишкәакәоу, цәаҳәа- цәаҳәа изылдоу уб. иҵ. Ашәыр ажьы атаатара иагәылоуп ажәлақәа рацәаны. Иҿиоит абаклажан жәлала, аиҭаҳатә рхи- аны еиҭарҳауеит иазырхиоу аҭыԥаҿы, бзиа иабоит аԥхарра. Акартоши абаклажани рбыӷьқәа ирызгагоуп колорадатәи абжқәа. Урҭ абжқәа хәышәла рнырҵәара анаҩсгьы иалшо- ит напыла рыҟәшәара. Аус злоу аҿиаха рымҭакәа ианаамҭоу иҟәшәаны рнырҵәара ауп. Абаклажан ишаӡоу ирфаӡом. Уи рӡуеит, иржәуеит, идырҵәуеит, аӡынхәы ҳәа иадыркуеит.

Абаклажан шәыр афатә алырхуеит цқьа ишәаанӡа, цқьа ишәыз абаклажан ажәла кьа- кьоуп, агьамагьы ашоуп.

Аҟәымқәа рҭаацәара зыхьӡ аху аҟәым еиқәаҵәа (паслён черный) иҿало ашәырргәыц еиқәаҵәақәа ианшәлакь рышҳамра рылҵуеит. Аҟәым еиқәаҵәа абӷьи, агәыцәи, ашәҭқәеи ашҳам рылоуп.

Аҟәым еиԥшу ҳаскьын ҵиаауп аҭаҭын фҩыхаа (душистый табак). Уи аԥшӡаразы апаркқәа рҿы еиҭарҳауа аҵиаақәа ире- иуоуп.

Алитература

[аредакциазура |акод аредакциазура]
  • П. К. Кәыҵниа, «Аҵиаақәа, абактериақәа, акәыкәбаақәа рбиологиа», Аҟәа – 2011

Ахьарԥшқәа

[аредакциазура |акод аредакциазура]
  1. Касланӡиа В. А. (аред.Џьонуа Б. Гь.), «Аԥсуа-аурыс жәар»,Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа,Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт,Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет,Аҟәа,2005
Авторитет змоу адыррақәа: АмилаҭтәУрҭ Авикидыррақәа рахь аредакциазура
Ахыҵхырҭа –https://ab.wikipedia.org/w/index.php?title=Абаклаџьан&oldid=127319
Акатегориа:
Ицәыргам акатегориақәа:

[8]ページ先頭

©2009-2025 Movatter.jp